Новости

2023 шықәсазы Аҧсны Аҳзынҭқаррахь аҧаратә хархәагақәа рааира иартәеит 70,2 млрд мааҭ

09-02-2024 16:00

Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системала 2023 шықәсазы амааҭтә еквивалент ала имҩаҧысыз аҧаратә хархәагақәа рытрансҳәаатә еикәшара иартәеит 143,0 млрд мааҭ, ари 19,3 млрд мааҭ (15,6%) рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа. 

Абанктә системала Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааз аҧаратә хархәагақәа идыртәеит 70,2 млрд мааҭ, атәыла иалҵыз аҧаратә хархәагақәа – 72,8 млрд мааҭ. Абасала, аҧаратә хархәагақәа реиҭаҵра асальдо иҵоурам аҵакы аман 2,6 млрд мааҭ иаҟараны. 

Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системала 2023 шықәсазы иааз аҧаратә хархәагақәа реилазаара абас иҟан: 

  •  Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы иаарту аиуристә хаҿқәа, ХА, ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рхыҧхьаӡаларҭақәа рахь – 40,7 млрд мааҭ.;
  • Урыстәылатәи абанктә картақәа зку АШӘС «АҧРА» аинфраструктураҟны имҩаҧыргаз аоперациақәа – 20,6 млрд мааҭ;
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхраара, абиуџьеттә инвестициақәа рыҟаҵара, аинвестициатә усура адгылара аҭара, убас егьырҭгьы хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны Аҳәынҭқарра абиуџьет иахыҧхьаӡалоу урыстәылатәи афинанстә цхыраара    - 5,2 млрд мааҭ;
  • Урыстәылатәи атәанчахәы ааимҭақәа – 3,4 млрд мааҭ.
  • Аҧаратә хархәагақәа рсистемала ахыҧхьаӡаларақәа – 0,3 млрд мааҭ.

 2023 шықәсазы авалиутатә шәатәы хаданы иҟоуп урыстәылатәи амааҭ, уи иартәоит   атрансҳәаатә операциақәа рзеиҧш мҽхакы аҟнытә 96,2%, ЕАА рдоллар – 3,2%,  иаанхаз ахәҭа – (аҭырқәа лира, евро, китатәи иуан, индиатәи рупи) – 0,6%.