Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
 
   
Аҧаратә лаҧшхга

 

Нанҳәа 1 2009ш. азы.

 

2009 шықәса алагамҭа инаркны нанҳәа 1 2009 шықәса аҭагылазаашьала Аҧсны абанкқәа рахь иаланагалеит 5622,7 млн. мааҭ РФ;  26,5 млн. США адол.;  3,8 млн. евро.  РФ амааҭқәа рыла иаланагало ахәҭаа хада иартәоит 42,3%; ауааҧсыра ирзынарыгӡо зыхә ршәо амаҵзурақәа рыҟнытә –  6,6%;  ахазхаҿқәа аинвалиута раархәара аҟнытә ааимҭақәа –  5,3 %;  ашәахтәқәа абаџьқәа реизгара, ахәҭалагалақәа, астрахтә хшәаатәқәа рыҟнытә ааимҭақәа –  5 %.  Ааимҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 9%  -  абанктә егьырҭ зныктәи аоперациақәа рыҟнытә ааимҭақәа идыртәоит: ахазхаҿқәа рыҟнытә аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь аҧҵаҩцәа рыхәҭалагалақәа, аҳасабрбара зыхәҭоу рҧареицҵақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҟнытә уб.иҵ.

Ҵыҧхтәи ашықәс иахьатәи аамҭа иаҿырҧшны, иҟоу ааимҭақәа реизҳара атемп РФ амааҭқәа рыла иартәеит – 96%,  США адолларқәа рыла – 71,3%,  евроқәа рыла –  195%.

Сынтәатәи ашықәс азы 7 мзы рыла абанкқәа ркассақәа рыҟнытә ирыҭоуп  5305,9 млн. мааҭ РФ;  26,5  млн. дол. США,  3,6 млн. евро. Иҟоу ахархәагақәа мааҭла ирырҭоит еиҳараӡак: ауалафаху азы –  23,1%;  анаплакқәа атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы –  15%;  атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡақәеи, астрахтә хшәаатәқәеи рзы –  13,6%;  ахазхаҿқәа рыҟнытә аинвалиута аахәаразы ироуа азы – 5,2%;  ахазхаҿқәа акредитқәа ирырҭо азы–  5,9%.  Егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо азеиҧш ныхрақәа идыртәоит–  19,2%, уахьиаҵанакуеит:  ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уб.иҵ.

 

 
 
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +99544-297623 Афакс: +99544-297622; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006-2008  Аҧсны Абанк