Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
 
   
Аҧаратә лаҧшхга

 

Цәыббра 1 2009ш. азы.

 

2009 шықәса алагамҭа инаркны цәыббра 1 2009ш. азтәи аҭагылазаашьала Аҧсны абанкқәа рахь иаланагалеит7071,2 млн. мааҭ РФ; 29,4 млн.дол. США; 4,3 млн. евро. Алагаламҭақәа рыхәҭаа хада РФ амааҭқәа рыла ишьақәзыргыло аиҭарсрақәа рканалқәа ирхьмырҧшыкәа атауарқәа рыҭира иаҭныҵыз арҳамҭақәа идыртәоит – 43,4%; ауааҧсыра ирзынарыгӡозыхә ршәо амаҵзурақәа рыҟнытә – 7,0%; ахазхаҿқәа иддырхәҳауа аинва-лиута аҟнытә алагаламҭақәа – 4,8 %; ашәахтәқәеи, абаџьқәеи, ахәҭалагалақәеи, аҧгаҧсатә хшәаатәқәеи рлагаламҭақәа идыртәоит – 5,1 %. Алагаламҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 10,0% – идыртәоитабанк имҩаҧнаго егьырҭ зныктәи аоперциақәа ирыҭныҵыз арҳамҭақәа: аҧҵаҩцәа - ахазхаҿқәа аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь иаларгало ахәҭалагалақәа, аҳасабрбара зуалу аҧареицҵақәа рырхынҳәра, аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҳасабала иааиуа алагаламҭақәа уҳәа уб.иҵ.

Иҳаҩсыз ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, анапынҵатә лагаламҭақәа реизҳара атемп иартәеит РФ мааҭла – 106 %, США адолларқәа рыла – 67%, еврола – 179,1%.

Абанкқәа ркассақәа рыҟнытә сынтәатәи ашықәс 8 мзы рыла ирыҭоуп 6548,8 млн. мааҭ РФ; 29,4 млн. дол. США, 4,2 млн. евро. Напынҵала аҧара ау-рыжьуеит РФ мааҭлахадаратәла: ауалафахәы азы – 22,0%; атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы анаплакқәа ирырҭоит – 14,9%; атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡақәеи, аҧгаҧсатә харҭәаарақәеи рыхәшәаразы – 12,5%; ахазхаҿқәа рыҟнытә иаархәо аинвалиутазы ирырҭоит – 5,7%; ахазхаҿқәа ирырҭо акредитқәа – 4,6%. Азеиҧш ҧараныхра акрызҵазкуа акапанхәҭа егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо иартәоит – 19,6%, уахь иалоуп: ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уҳәа уб.иҵ.

 
 
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +99544-297623 Афакс: +99544-297622; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006-2008  Аҧсны Абанк