2009 шықәса алагамҭа инаркны жьҭаара 1 2009 шықәсазтәи аҭагылазаашьала Аҧсны абанкқәа рахь иаланагалеит 8212 млн. мааҭ РФ; 32,2 млн. дол. США; 5,6 млн. евро. РФ амааҭқәа рыла иаланагало рыхәҭаа хада иартәоит ахәҳахәҭратә рҳамҭа ирҭииз атауарқәа урҭ реиҭарсра аканалқәа ирхьмырҧшкәа – 43,9%, ауааҧсыра ирзынарыгӡо зыхә ршәо амаҵзурақәа рынагӡаразы - 73% рҟынӡа; ахазхаҿқәа ираадырхәо аинвалиута аҟнытә алагаламҭақәа – 4,7%; ашәахтәқәа абаџьқәа реизгарақәа, ахәҭалагалақәа аҧгаҧсатә шәахтәқәеи рыҟнытә алагаламҭақәа – 5,2%. Алагаламҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 9,9% - иартәоит абанк егьырҭ аоперациақәа рыҟнытә ироуа зныктәи алагаламҭақәа: аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь аҧҵаҩцәа-ахазхаҿқәа рыхәҭалагалақәа, аҳасабрбара зыхәҭоу аҧареицҵақәа аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҳасабалатәи алагаламҭақәа уҳәа уб.иҵ.
Ҵыҧхтәи ашықәс сынтәа иахьатәи амш иаҿырҧшны, напынҵалатәи алагаламҭақәа реизҳара атемп иартәеит РФ мааҭла 106%; США адолларқәа рыла –65%, еврола – 194,2%.
Абанкқәа ркассақәа рыҟнытә сынтәатәи ашықәс 9 мзы рыла ирыҭоуп 7560,1 млн. мааҭ РФ; 32,4 млн. доллар США, 5,5 млн. евро. Ҧыжәарала РФ мааҭла ахархәагақәа рырҭоит: ауалафахәы ашәаразы – 22,3%; атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы анаплакқәа – 15,3%; атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡагақәеи, аҧгаҧсатә харҭәаарақәеи рыхәшәаразы – 12,4%; ахазхаҿқәа рхыҧхьаӡаламҭақәа рыҟнытә ирырҭо – 8%; ахазхаҿқәа ирырҭо акредитқәа – 4,7%. Егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо азеиҧш ҧараныхымҭа акрызҵазкуа акапанхәҭа иартәоит – 18,9%; уахь иалоуп: ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уҳәа уб.иҵ. |