2009 шықәса алагамҭа инаркны абҵара 1 2009 шықәсазтәи аҭагылазаашьала Аҧсны абанкқәа рахь иаланагалеит 9156 млн. мааҭ РФ; 35,2 млн. дол. США; 6,3 млн. евро. РФ амааҭқәа рыла иаланагало рыхәҭаа хада иартәоит ахәҳахәҭратә рҳамҭа ирҭииз атауарқәа урҭ реиҭарсра аканалқәа ирхьмырҧшкәа – 44,2%, ауааҧсыра ирзынарыгӡо зыхә ршәо амаҵзурақәа рынагӡаразы – 7,3% рҟынӡа; ахазхаҿқәа ираадырхәо аинвалиута аҟнытә алагаламҭақәа – 4,7%; ашәахтәқәа абаџьқәа реизгарақәа, ахәҭалагалақәа аҧгаҧсатә шәахтәқәеи рыҟнытә алагаламҭақәа – 5,3%. Алагаламҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 9,7% - иартәоит абанк егьырҭ аоперациақәа рыҟнытә ироуа зныктәи алагаламҭақәа: аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь аҧҵаҩцәа-ахазхаҿқәа рыхәҭалагалақәа, аҳасабрбара зыхәҭоу аҧареицҵақәа аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҳасабалатәи алагаламҭақәа уҳәа уб.иҵ.
Ҵыҧхтәи ашықәс сынтәа иахьатәи амш иаҿырҧшны, напынҵалатәи алагаламҭақәа реизҳара атемп иартәеит РФ мааҭла 106%; США адолларқәа рыла –64,7%, еврола – 111,8%.
Абанкқәа ркассақәа рыҟнытә сынтәатәи ашықәс 10 мзы рыла ирыҭоуп 8561 млн. мааҭ РФ; 35,1 млн. доллар США, 6,2 млн. евро.
Ҧыжәарала РФ мааҭла ахархәагақәа рырҭоит: ауалафахәы ашәаразы – 22,5%; атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы анаплакқәа – 15,8%; атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡагақәеи, аҧгаҧсатә харҭәаарақәеи рыхәшәаразы – 12,5%; ахазхаҿқәа рхыҧхьаӡаламҭақәа рыҟнытә ирырҭо – 5,3%; ахазхаҿқәа ирырҭо акредитқәа – 4,6%. Егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо азеиҧш ҧараныхымҭа акрызҵазкуа акапанхәҭа иартәоит – 18,3%; уахь иалоуп: ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уҳәа уб.иҵ. |