Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
 
   
Аҧаратә лаҧшхга

 

Ҧхынҷкәын 1 2009 ш. азы

 

2009 шықәса алагамҭа инаркны ҧхынҷкәын 1 2009 шықәсазтәи аҭагылазаашьала Аҧсны абанкқәа рахь иаланагалеит 9932 млн. мааҭ РФ; 38,5 млн. дол. США; 6,6 млн. евро. РФ амааҭқәа рыла иаланагало рыхәҭаа хада иартәоит ахәҳахәҭратә рҳамҭа ирҭииз атауарқәа урҭ реиҭарсра аканалқәа ирхьмырҧшкәа – 44,2%, ауааҧсыра ирзынарыгӡо зыхә ршәо амаҵзурақәа рынагӡаразы – 7,2% рҟынӡа; ахазхаҿқәа ираадырхәо аинвалиута аҟнытә алагаламҭақәа – 4,5%; ашәахтәқәа абаџьқәа реизгарақәа, ахәҭалагалақәа аҧгаҧсатә шәахтәқәеи рыҟнытә алагаламҭақәа – 5,3%. Алагаламҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 9,8% - иартәоит абанк егьырҭ аоперациақәа рыҟнытә ироуа зныктәи алагаламҭақәа: аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь аҧҵаҩцәа-ахазхаҿқәа рыхәҭалагалақәа, аҳасабрбара зыхәҭоу аҧареицҵақәа аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҳасабалатәи алагаламҭақәа уҳәа уб.иҵ.

Ҵыҧхтәи ашықәс сынтәа иахьатәи амш иаҿырҧшны, напынҵалатәи алагаламҭақәа реизҳара атемп иартәеит РФ мааҭла 105,9%; США адолларқәа рыла –65,3%, еврола – 100,6%. Абанкқәа ркассақәа рыҟнытә сынтәатәи ашықәс 11 мзы рыла ирыҭоуп 9472 млн. мааҭ РФ; 38,1 млн. доллар США, 6,5 млн. евро.

Ҧыжәарала РФ мааҭла ахархәагақәа рырҭоит: ауалафахәы ашәаразы – 22,7%; атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы анаплакқәа – 16,3%; атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡагақәеи, аҧгаҧсатә харҭәаарақәеи рыхәшәаразы – 12,5%; ахазхаҿқәа рхыҧхьаӡаламҭақәа рыҟнытә ирырҭо – 5%; ахазхаҿқәа ирырҭо акредитқәа – 4,5%. Егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо азеиҧш ҧараныхымҭа акрызҵазкуа акапанхәҭа иартәоит – 18,1%; уахь иалоуп: ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уҳәа уб.иҵ.

 
 
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +99544-297623 Афакс: +99544-297622; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006-2008  Аҧсны Абанк