2009 шықәса алагамҭа инаркны ажьырныҳәа(ианвар) 1 2010 шықәсазтәи аҭагылазаашьала Аҧсны абанкқәа рахь иалана-галеит 11339,3 млн. мааҭ РФ; 41,7 млн. дол. США; 7,1 млн. евро. РФ амааҭқәа рыла иаланагало рыхәҭаа ха-да иартәоит ахәҳахәҭратә рҳамҭа ирҭииз атауарқәа урҭ реиҭарсра аканалқәа ирхьмырҧшкәа – 42,3%, ауааҧсыра ирзынарыгӡо зыхә ршәо амаҵзурақәа рынагӡаразы – 6,8% рҟынӡа; ахазхаҿқәа ираадырхәо аинвалиута аҟнытә алагаламҭақәа – 4,8%; ашәахтәқәа абаџьқәа реизгарақәа, ахәҭалагалақәа аҧгаҧсатә шәахтәқәеи рыҟнытә алагаламҭақәа – 5,2%. Алагаламҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 9,6% - иартәоит абанк егьырҭ аоперациақәа рыҟнытә ироуа зныктәи алагаламҭақәа: аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь аҧҵаҩцәа-ахазхаҿқәа рыхәҭалагалақәа, аҳасабрбара зыхәҭоу аҧареицҵақәа аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҳасабалатәи алагаламҭақәа уҳәа уб.иҵ.
Ҵыҧхтәи ашықәс сынтәа иахьатәи амш иаҿырҧшны, напынҵалатәи алагаламҭақәа реизҳара атемп иартәеит РФ мааҭла 108%; США адолларқәа рыла –66,3%, еврола – 93,2%.
Абанкқәа ркассақәа рыҟнытә 2009 ашықәс азы ирыҭоуп 10960 млн. мааҭ РФ; 42,7 млн. доллар США, 7,1 млн. евро. Ҧыжәарала РФ мааҭла ахархәагақәа рырҭоит: ауалафахәы ашәаразы – 23,4%; атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы анаплакқәа – 15,8%; атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡагақәеи, аҧгаҧсатә харҭәаарақәеи рыхәшәаразы – 12,5%; ахазхаҿқәа рхыҧхьаӡаламҭақәа рыҟнытә ирырҭо – 4,7%; ахазхаҿқәа ирырҭо акредитқәа – 4,5%. Егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо азеиҧш ҧараныхымҭа акрызҵазкуа акапанхәҭа иартәоит – 17,8%; уахь иалоуп: ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраа-ра, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уҳәа уб.иҵ. |