Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
 
   
Аҧаратә лаҧшхга

 

Рашәара 1 2010 ш. азы

 

2010 шықәса алагамҭа инаркны рашәара 1 2010 шықәсазтәи аҭагылазаашьала Аҧсны абанкқәа рахь иаланагалеит 4737 млн. мааҭ РФ; 15 млн. дол. США; 3 млн. евро. РФ амааҭқәа рыла иаланагало рыхәҭаа хада иартәоит ахәҳахәҭратә рҳамҭа ирҭииз атауарқәа урҭ реиҭарсра аканалқәа ирхьмырҧшкәа – 35,4%, ахазхаҿқәа рыдҵала инагӡоу аҧаратә хархәагақәа риагара аоперациақәа – 6,5%; ауааҧсыра ирзынарыгӡо зыхә ршәо амаҵзурақәа рынагӡаразы – 4,5% рҟынӡа; ахазхаҿқәа ираадырхәо аинвалиута аҟнытә алагаламҭақәа – 4,8%; ашәахтәқәа абаџьқәа реизгарақәа, ахәҭалагалақәа аҧгаҧсатә шәахтәқәеи рыҟнытә алагаламҭақәа – 3,5%. Алагаламҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 7,2% - иартәоит абанк егьырҭ аоперациақәа рыҟнытә ироуа зныктәи алагаламҭақәа: аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь аҧҵаҩцәа-ахазхаҿқәа рыхәҭалагалақәа, аҳасабрбара зыхәҭоу аҧареицҵақәа аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҳасабалатәи алагаламҭақәа уҳәа уб.иҵ.

Ҵыҧхтәи ашықәс сынтәа иахьатәи амш иаҿырҧшны, напынҵалатәи алагаламҭақәа реизҳара атемп иартәеит РФ мааҭла 132,9%; США адолларқәа рыла –77,2%, еврола – 123,5%.

Абанкқәа ркассақәа рыҟнытә 5 мзы рыла ирыҭоуп 4429 млн. мааҭ РФ; 16,5 млн. доллар США, 2,5 млн. евро. Ҧыжәарала РФ мааҭла ахархәагақәа рырҭоит: ауалафахәы ашәаразы – 21,7%; атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы анаплакқәа – 16,4%; атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡагақәеи, аҧгаҧсатә харҭәаарақәеи рыхәшәаразы – 16,8. Егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо азеиҧш ҧараныхымҭа акрызҵазкуа акапанхәҭа иартәоит – 13,8%; уахь иалоуп: ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уҳәа уб.иҵ.

 

 

 
 
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк