Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
 
   
Аҧаратә лаҧшхга

 

Цәыббра 1 2010 ш. азы

 

2010 шықәса алагамҭа инаркны цәыббра 1 2010 шықәсазтәи аҭагылазаашьала Аҧсны абанкқәа рахь иаланагалеит 9118 млн. мааҭ РФ; 29,7 млн. дол. США; 6,2 млн. евро. РФ амааҭқәа рыла иаланагало рыхәҭаа хада иартәоит ахәҳахәҭратә рҳамҭа ирҭииз атауарқәа урҭ реиҭарсра аканалқәа ирхьмырҧшкәа – 41%, ахазхаҿқәа рнапынҵақәа рыла аҧаратә малқәа риагарв аоперациақәа рымҩаҧгаразы – 6,9%, ауааҧсыра ирзынарыгӡо зыхә ршәо амаҵзурақәа рынагӡаразы – 5,7%;; ашәахтәқәа абаџьқәа реизгарақәа, ахәҭалагалақәа аҧгаҧсатә шәахтәқәеи рыҟнытә алагаламҭақәа – 3,5%, ахазхаҿқәа ираадырхәо аинвалиута аҟнытә алагаламҭақәа – 4,7%. Алагаламҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 6,4% - иартәоит абанк егьырҭ аоперациақәа рыҟнытә ироуа зныктәи алагаламҭақәа: аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь аҧҵаҩцәа-ахазхаҿқәа рыхәҭалагалақәа, аҳасабрбара зыхәҭоу аҧареицҵақәа аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҳасабалатәи алагаламҭақәа уҳәа уб.иҵ.

Ҵыҧхтәи ашықәс сынтәа иахьатәи амш иаҿырҧшны, напынҵалатәи алагаламҭақәа реизҳара атемп иартәеит РФ мааҭла 128,9%; США адолларқәа рыла –93,7%, еврола – 143,6%.

Абанкқәа ркассақәа рыҟнытә ҳазну ашықәс 8 мзы рыла ирыҭоуп 8381,6 млн. мааҭ РФ; 29,7 млн. доллар США, 6,2 млн. евро. Ҧыжәарала РФ мааҭла ахархәагақәа рырҭоит: ауалафахәы ашәаразы – 21,4%; атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы анаплакқәа – 17,9%; атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡагақәеи, аҧгаҧсатә харҭәаарақәеи рыхәшәаразы – 14,3%. Егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо азеиҧш ҧараныхымҭа акрызҵазкуа акапанхәҭа иартәоит – 14,8%; уахь иалоуп: ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уҳәа уб.иҵ.  

 

 

 
 
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк