2012 шықәса алагамҭа инаркны жәабран 1 2012 шықәсазтәи аҭагылазаашьала Аҧсны аҵакырадгьыл аҿы акредиттә еиҿкаарақәа рахь иаланагалеит 1477,1 млн. мааҭ РФ; 2,1 млн. дол. США; 0,5 млн. евро. РФ амааҭқәа рыла иаланагало рыхәҭаа хада анаҩсантәи ахәҭаҷқәа ирықәшәоит: Аҧсны Абанк ала Аҧсны Аҳәынҭқарра иалагалоуп – 33,9%; ирҭииз атауарқәа рҟынтә ироуз ахәҳахәҭратә рҳамҭа урҭ реиҭарсра аканалқәа ирхьмырҧшкәа – 26,1%; аиуристтә хаҿы дҟамҵакәа анаплакыратә усура назыгӡо атәылауаа рыҧхьаӡамҭақәа рахь алагаламҭақәа – 5,7%; ахазхаҿқәа рнапынҵала аҧаратә хархәагақәа риагаразы имҩаҧырго аоперациақәа – 5,5%; ахазхаҿқәа ираадырхәо аинвалиута аҟнытә алагаламҭақәа – 5,7%; ауааҧсыра ирзынарыгӡо зыхә ршәо амаҵзурақәа рынагӡаразы – 2,9%; ашәахтәқәа абаџьқәа реизгарақәа, ахәҭалагалақәа аҧгаҧсатә шәахтәқәеи рыҟнытә алагаламҭақәа – 1,4%.
Алагаламҭақәа рыхәҭаа аҕьырак – 7,9% - иартәоит абанк егьырҭ аоперациақәа рыҟнытә ироуа зныктәи алагаламҭақәа: аҧҟаҧҵәатә фондқәа рахь аҧҵаҩцәа-ахазхаҿқәа рыхәҭалагалақәа, аҳасабрбара зыхәҭоу аҧареицҵақәа аамҭалатәи афинанстә цхыраара аҳасабалатәи алагаламҭақәа уҳәа уб.иҵ.
Ҵыҧхтәи ашықәс сынтәа иахьатәи амш иаҿырҧшны, напынҵалатәи алагаламҭақәа реизҳара атемп иартәеит РФ мааҭла – 177%; США адолларқәа рыла – 101,8%, еврола – 136,1%.
Аҧсны аҵакырадгьыл аҟны акредиттә еиҿкаарақәа ркассақәа рыҟнытә сынтәатәи ашықәс ажьырныҳәа мзазы ирыҭоуп 1089,4 млн. мааҭ РФ; 2,2 млн. доллар США, 0,5 млн. евро. Ҧыжәарала РФ мааҭла ахархәагақәа рырҭоит: ауалафахәы ашәаразы – 20,2%; атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы материалқәеи раахәаразы анаплакқәа – 16,3%; атәанчаҩхәқәеи, ацхыраагӡагақәеи, аҧгаҧсатә харҭәаарақәеи рыхәшәаразы – 14,8%, ахазхаҿқәа кредит ҳасабла ирыҭоу – 3,8%. Егьырҭ ахықәкқәа рзы ирырҭо азеиҧш ҧараныхымҭа акрызҵазкуа акапанхәҭа иартәоит – 18%; уахь иалоуп: ашәахтәқәа рырхынҳәра, апаитә хәҭалагалақәа, аамҭалатәи афинанстә цхыраара, аҧҟаҧҵәатә капитал ахь ахәҭалагалақәа уҳәа уб.иҵ. |