|
|
|
Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәа рыла иҟоу аҧаратә еикәыршара аилазаашьа |
|
Ҧхынгәы 1 2009 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра анапаҿы иҟаз аҧареикәыршара иартәеит:
= алагаламҭазы – 4437,7 млн.мааҭ, 23348,1 нызқь США адолларқәа, убри иашьашәалаз аамҭа 2008 шықәсазы аизҳара атемпқәа лаҟәит, уи иартәеит – 91,9%-и 72,3%
= ахарџь азы – 4271,6 млн.мааҭи 23338,4 нызқь США адолларқәеи. Ҧхынгәы 1 2009 шықәсазтәи аҭагылазаашьала уи аизҳара атемпқәа уи иашьашәалаз ҵыҧхтәи аамҭа иадкыланы илаҟәит, иагьартәеит 91,4% -и 71,7%-и.
Иҟоу аҧареикәыршара аилазаашьа Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәа рыла |
|
|
|
|
№ еишьҭ. |
АҞАҴАРБАҚӘА |
2009 ш. 1 ашықәсбжа зы (%)
|
2008 ш. 1 ашықәсабжа иадкыланы (%) |
|
А.Аҧареикәыршарала иаланагалаз иҟоу аҧара, зынӡа: |
100 |
91,9 |
|
убарҭ рхыҧхьаӡараҿы: |
|
|
1 |
Ахәҳахәҭратә рҳамҭа |
39,4 |
113,7 |
2 |
Зыхә ршәо амаҵзурақәа рыҟнытә алагаламҭақәа |
5,8 |
111,3 |
3 |
Ахазхаҿқәа ираадырхәаз аинвалиута аҟнытә алагамҭақәа |
5,4 |
93,4 |
4 |
Ашәахтәқәеи аизгарақәеи рлагаламҭақәа |
4,9 |
132,6 |
5 |
Аиуристтә хаҿы дҟамҵаӡакәа аус зуа анаплакыҩцәа рахыҧхьаӡаламҭақәа рахь инеиуа алагаламҭақәа |
4,3 |
92,7 |
6 |
Ахазхаҿқәа иҟарҵо аиагамҭақәа рыҟнытә алагаламҭақәа |
3,8 |
131,7 |
7 |
Ахазхаҿқәа рлагаламҭақәа рыла ахыҧхьаӡаламҭақәа рахь алагаламҭақәа |
3,7 |
106,3 |
8 |
Аимадара анаплакқәа рыҟнытә алагаламҭақәа |
3,4 |
148,2 |
9 |
Ахазхаҿқәа идырцәо арҧсахқәа рыҟнытә алагаламҭақәа |
3,2 |
81,8 |
10 |
Ауадатә шәахтәи акоммуналтә хшәаатәқәеи рыҟнытә алагаламҭақәа |
1,1 |
113,2 |
11 |
Егьырҭ алагаламҭақәа |
25 |
60,6 |
|
Б. Иҟоу аҧарақәа рыла ирырҭо аҧареикәыршара, зынӡа: |
100 |
91,4 |
|
убри ахыҧхьаӡараҟны: |
|
|
1 |
Ауалафахәы ашәаразы |
22,9 |
100,6 |
2 |
Атәанчаҩхәқәеи ацхыраагӡақәеи ршәаразы |
14,4 |
126,6 |
3 |
Атауар-материалтә малқәеи абылтәы-хьшьтәы маҭәахәқәеи раахәаразы |
13,9 |
86,7 |
4 |
Ахазхаҿқәа рыҟнытә аҳәаанырцәтәи авалиута аахәараан ирырҭо аҧара |
5,9 |
116,5 |
5 |
Ахазхаҿқәа ирвзку акредитқәа рыҭара |
5,2 |
71,5 |
6 |
Ахазхаҿқәа алагамҭақәа рыҭара |
5,1 |
108,4 |
7 |
Ахазхаҿқәа рахыҧхьаӡаламҭақәа рыҟнытә аҧараҭара |
4 |
153,1 |
8 |
Ахазхаҿқәа рлагаламҭақәа рыла рахыҧхьаӡаламҭақәа рыҟнытә аҧараҭара |
3,8 |
94,6 |
9 |
Ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа раахәаразы аҧараҭара |
2,6 |
47,1 |
10 |
Аиуристтә хаҿы дҟамҵаӡакәа анаплакыратә усура назыгӡо атәылауаа рахыҧхьаӡаламҭақәа рыҟнытә аҧараҭара |
1,7 |
148 |
11 |
Егьырҭ ахықәкқәа рзы аҧараҭара |
20,5 |
70,9 |
|
|
|
|
Ҧхынгәы 1 2009 шықәса адырраҭарақәа рыла, анхамҩаҧгара асубиектқәеи ахазхаҿқәеи ирыҭан акредитқәа 1740,6 млн. мааҭ рыхә аҧареицҵа, убри аамҭа иадкыланы 2008 шықәсазы аизҳара атемп иартәеит 122,0%. Аҧсны абанк акоммерциатә банкқәа реиҭафинансркразы ирнаҭаз акредитқәа ирызҳаит 6,4% рыла.
Ҧхынгәы 1 2009 шықәсазы 2008 ашықәс убри аамҭа иадкыланы аҧареикәыршара азеиҧш ҧареицҵа аҳасабеилыргаратә хыҧхьаӡаламҭақәа раҳасаббара иазҳаит 7% рыла. Ҧхынгәы 1 2009 шықәсазы авалиутатә баланс ҵыҧхтәи абри аамҭа иаҿырҧшны иазҳаит 36,1% рыла.
|
|
|
|